Есышықәсатәи жәларбжьаратәи апроект "Атомтә диктант" мҩаԥысит Аԥсны. Аԥсны Аурыс уаԥшь ашәҟәы иҭанагалаз адиктакт амҩаԥгарҭа ҭыпны иҟалеит Агәыӡера иҟоу анаука-аарыхратә еилахәыра "ЭРА Исток-СФТИ" абиблиотекеи Аҟәатәи ажәафтәи латәаралатәи-латәарадатәи абжьаратә школи. Алахәылацәа атомтә усхк аҭоурыхи, аҭҵаарадырратә аартрақәеи, атехнологиақәеи ирызку 20 зҵаара рҭак ҟарҵеит — аиадертә медицинеи атомтә енергетикеи…
Sputnik Аԥсны
Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Динамика подписчиков
с 20 июля 2026 по 28 сентября 2026 · минимум 566 · максимум 589
Кто рекламировался за полгода
Рекламных размещений с маркировкой не найдено.
Публикации
“Аԥсуа цәқәырԥа” иалахәыз асасцәа рыҩныҟақәа рахь ицеит. Хәымш ирылагӡаны Аԥсны, уи акультура, ачыс, асасдкылара уҳәа ддырбеит. Асасцәа амҩа иқәлаанӡа, Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аԥсуа хәҭа асимвол ҳәа изышьҭоу алашарбага аҿы ргәазыҳәарақәа аанрыжьит. 🖇️ Афестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" Екатеринбург ақалақь аҿы сентиабр 11 инаркны 17 рҟынӡа имҩаԥысуаз Аҿар рфорум арегионалтә программа иахәҭакхеит. Аԥсныҟа имҩаԥгаз…
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 297 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. #social
Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо: Витали Амаршьан диижьҭеи 85 шықәса ҵит . 79 шықәса дшырҭагылаз 2020 шықәсазы идунеи иԥсахит ԥсыцқьала зыԥсадгьыл бзиа избоз арҿиаҩы. "Амаршьан дахьынӡаздыруаз дуаҩ ҭынчын, мыцхәы ауаа рылагьы дыхгыломызт, ихы аӡыргарагьы дашьҭамызт. Ирҿиара зегьы унагәылаԥшыр иубоит, ган рацәала арҿиартә усумҭақәа аԥхьаҩцәа рызнагара шакәыз хықәкы хадас имаз", — лыҩуеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.…
⚽ Аспорттә клуб "Ростов" ашьапылампыл асыҩцәа Аҟәаҟа иаауеит. Андреи Кариак инапхгарала Баста икоманда АК "Аԥсны" иацыхәмарраны иҟоуп цәыббра 25 асааҭ 19:00 рзы астадион "Динамо" аҟны. Аҩнытәи ахәмаррақәа ҩба рҿы аԥсуа клуб аиааира агеит — Vibe, Синдекати рыцыхәмаррақәа раан.
Бадра Гәынба араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҿы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара ахьарҭаз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. "Сара сыӡбамҭала иаԥҵан Беслан Владимир-иԥа (Бигәаа - аред.) напхгара зиҭоз аусуратә гәыԥ, уи иалан ақалақьи араионқәеи рхадара анапхгаҩцәа. Сара исҭахын арҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы реихшьаалақәа…
Амҩақәа реиҭашьақәыргылареи рырҽеиреи — 2026 шықәсазы Аԥсны анапхгара русура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ҳәа азгәеиҭеит араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараҿы аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. ▪ Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, цәыббра 30 амҩаду аиҭашьақәыргылара ахәҭа хада иаарласны ихыркәшахоит. Атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны аусурақәа инагӡаны рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп Аиааира…
"Иҭабуп" – абри ауп исҳәарц исҭаху!" "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа ареспубликаҿы раԥхьатәи амшқәа рзы ирымоу ацәаныррақәа ҳацеиҩыршеит. Еквадорнтәи иааз Ескарла Солис лажәақәа рыла, уаанӡа Аԥсны аӡбахә ҳәа акгьы лмаҳацызт, аха афестиваль гәахәарыла дшалахшу атәы лҳәеит. "Сара избеит акәашара ԥшӡа, ачыс, акультура, ашьхақәа. Аҩныҟа саныхынҳәлак, Аԥсны Аҳәынҭқарра алшарақәа зегьы ртәы еиҭасҳәоит" , — лҳәеит лара.…
Аҿар жәларбжьаратәи рекспедициа — политикада имҩаԥысуа усмҩаԥгатәуп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аспециалист, афестиваль аиҿкааҩцәа ируаӡәку Херсон Шәманиа. "Ари аҿар реибадырра, реинырра ауп хықәкыс иамоу. 16 тәыла рхаҭарнакцәа ааганы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аус рхьнырҳалара акәӡам хықәкыс иҟоу. Аибадырра, атәыла иазку иашоу аинформациа рызнагара, аиҩызаратә еимадарақәа…
Бадра Гәынба Андреи Назаров "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианеишьеит. Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров "Ахьӡ-Аԥша" аорден ианашьоуп Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара асоциал-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рыҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы. #social